Ажәабжь ҿыцқәа
Абҵара 30 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахаҭарнакцәа рԥылара.
Абҵара 25 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба идикылеит Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа –Тоиво Клаар, Џьихан Султаноглу, Рудольф Михалка.
24 November 2020 918
Абҵара 24, 2020 шықәса рзы иҵит 6 шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуижьҭеи.
Абҵара 23 рзы Дамаск ақалақь, Шьамтәыла Аминистрцәа рхеилак ахыбраҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Хусеин Арнуси реиԥылара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭо афырхаҵареи жәлар ракзаара Амши рныҳәа.
Вена имҩаԥысыз ОБСЕ Иааиԥмырҟьаӡакәатәи ахеилак аилатәара ҟалеит ари авторитартә жәларбжьаратә еиҿкаара аҭоурых зегьы аҿы еиҳа аполитикатәра злаз акәны. ОБСЕ ахаҭарнакцәақәак «Қырҭтәыла аҭагылазаашьеи» «аоккупациа зызуу арегионқәеи» ирылацәажәо ишыҟарҵалац аиԥш Аԥсны аҳәынҵәа агәыдҵо Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәагьы акы иаԥсам ҳәа ахырҳәааит. Аилатәараҿы «иҽаликааит» Британиа Ду ахаҭарнак. Иара еснагь еиԥш Аԥсны ахара адҵо Женеватәи аиҿцәажәарақәагьы рҭагылазаашьа акыр иреицакны иааирԥшит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Шьамтәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид аль-Муаллем иԥсҭазаара иалҵра инадҳәаланы.
13 November 2020 1020
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахҳәаа анаҭеит ОБСЕ иҟоу Еиду аштатқәа рыцҳаражәҳәаҩ Џьеимс Гилмор Вена, абҵара 12 рзы ОБСЕ иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Ахеилак аилатәараҿы иқәгылара. Ақәгылараҿы иазгәаҭан Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура аспектқәак.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеин Арнуси реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара мҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә республика Аминистрцәа реилазаараҿы. Аԥснытәи аделегациа алахәуп Дамаск имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аконференциа.