Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад 70 шықәса ихыҵра амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу апатын аль-Микдад!
Ишәыдысныҳәалоит шәира амш!
Ҳтәылақәа рыбжьара шәара шәылшамҭақәа рыхәшьара уадаҩуп.
Ҳара, Шьамтәылатәи Арабтә республика партниор-тәыланы иҳаԥхьаӡоит, уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны ҳусеицура. Сара гәыҩбара сымам ԥхьаҟагьы ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа аҿиара шроуа азы.
Ишәыдышәкыл иреиӷьӡоу азеиӷьашьарақәа: агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара, атәылеи хаҭала шәареи шәҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа зегьы рҟны ақәҿиара дуқәа».
Инал Аӡынба адныҳәалара ҟаиҵеит
5 February 2024 280