Ажәабжь ҿыцқәа

23 March 2018 1368 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
16 March 2018 838
Алекциа «Аԥсуа бызшәа Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рсаркьак аҳасабала» мҩаԥысит хәажәкыра 14, Берлин иҟоу адунеи абызшәақәа Рмузеи аҟны. Алекциа даԥхьеит ФРГ иҟоу Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
15 March 2018 1420 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
7 March 2018 1088 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, урыстәылатәи атранспорттә ҳаирплан АН-26 аҭахара инадҳәаланы. Аҳаирплан иҭаз 33-ҩык апассаџьырцәеи 6-ҩык аҳаирплан аекипажи ҭахеит.
6 March 2018 801
Хәажәкыра 1 2018 шықәса рзы Москва имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рхаҭарнакцәа: Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасини Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи реиԥылара.
28 February 2018 1436
Жәабран 27 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистрДаур Ақаҩбеи Еидҵоу амилаҭқәа реилазаара арегионалтә ҳәаақәҵаҩ Нильс Скотти, Аԥсны иҟоу ПРООН апрограмматә офис ахада Нильс Скотти реиԥылара.
18 February 2018 879 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы ашьҭит Аԥсылмантә республика Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь апровинциа Исфахан аҟны иҟалаз арыцҳара инадҳәаланы.
12 February 2018 769 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ирыдыркылеит аҳаирплан АН-148 акаҳара, 71-ҩык ауааԥсыра рҭахара. Дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ игәаҵанӡа инаргӡаны идикылеит абри агәаҟра.
11 February 2018 800 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы азишьҭит.
8 February 2018 775
2013 шықәса цәыббра 9 рзы зыԥсҭазаара иалхыз Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ, авице-консул Дмитри Вишерневи иара иԥшәмаԥҳәыс Ольга Вишерневи рмемориалтә ӷәы кыдҵоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны 2018 шықәса, жәабран 8 рзы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: