Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Беслан ақалақь аҿы иҟалаз атрагедиа ашықәсҵра инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь адышшыларатә нота нанашьҭит.
Анотаҿы иазгәаҭоуп:
"Цәыббрамза 1-3, 2004 шықәса рзы Беслан ақалақь ашкол №1 аҵаҩцәеи, аҭаацәеи, арҵаҩцәеи рганахьала имҩаԥгаз атеррористтә акт иахҟьаны хышәҩык инареиҳаны акгьы зхарамыз ауаа ҭахеит, урҭ реиҳараҩык хәыҷқәан. Ари ацәгьоура жәларбжьаратәи атерроризм зегь реиҳа ишәарҭоу ацәырҵрақәа ируакхеит, адунеи зегьы агәымбылџьбарареи ауаҩымреи рыла иаршанхеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Беслан атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара ҳаҭыр ақәырҵоит, атерроризми уи аформақәеи ацәырҵрақәеи зегьы жәларбжьаратәи аилазаара аганахьала хьаҳәхьачарада, аҿагылара зҭаху ихадоу ауснагӡатәқәа ируакны ԥсахрада иахәаԥшуеит».