Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны иршьыз Амина Бикбова лыуацәеи лҭынхацәеи ирыдышшылоит.
Иҟалаз ацәгьоура Аԥсны ауаажәларра ргәы иалсит, агәамҵра ду рызцәырнагеит. Ауаҩы иҭахара зыхҟьо иарбанызаалак ақәымчра аҟалара залшом, рқьиашьагьы амаӡам.Итәылауаҩреи истатуси ирыхьмырԥшыкәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аӡәгьы ацәгьа дақәшәар ҟалаӡом ҳәа азырыԥхьаӡоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауааи аҳәаанырцәтәи асасцәеи ршәарҭадара аиҿкаара аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхықәкы хадақәа ируакуп.
Иҟалаз ахҭыс инамаданы азинхьчаратә усбарҭақәа аоператив-усеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Агәызҩара ззыҟоу даанкылоуп, иҟалаз аҭагылазаашьақәа зегьы шьақәдыргылоит. Иҟалаз шыҟалаз аҭҵаара иаҿуп, ԥхьаҟагьы иацҵахоит.
Аԥсны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акомпетенттә усбарҭақәа аус рыцнауеит, аусҭҵаара амҩаԥысшьа иацклаԥшуеит.
Ари аамҭа хьанҭа аан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазныкгьы Амина Бикбова лҭаацәеи лҭынхацәеи ирыдашшылоит, адгылара шрынаҭо азгәанаҭоит.