Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани иахь хаҭалатәи ашәҟәы ишьҭит.
Ашәҟәаҿы, ҷыдала, иануп:
“Ҳара Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа гәҭынчымрыла ҳрышьклаԥшуеит. Ҷыдала, Израильи егьырҭ иара аҩыза-тәылақәеи Шьамтәыла аҭагылазаашьа арцыхцыхразы рхымҩаԥгашьа ахьаа ҳазнарҵысуеит.
Иахьа, Израиль Дамаск агәҭа аҳаиртә жәылара мҩаԥнагеит, уи иахҟьаны аҭынч тәылауаа ҭахеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра ӷәӷәала иақәыӡбоит Израиль зныкымкәа Шьамтәыла асуверентә ҵакырадгьыл иахьақәлахьо, уи жәларбжьаратәи азинқәеи ООН Ашәарҭадаратә Хеилак ақәҵарақәеи ӷәӷәала реилагара ауп иаанаго.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аиашьаратә шьамтәылатә жәлари Шьамтәылатәи Арабтә республика анапхгареи рҵакыратә акзаара ахьчаразы ӷәӷәала адгылара шырнаҭо шьақәнарӷәӷәоит. Ҳара ҳақәыӡбоит Шьамтәылатәи Арабтә республика аҩныҵҟатәи аусқәа анҭыҵтәи атәылақәа рҽалагалара, Шьамтәыла аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы ашәарҭара зҵоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара”.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәыла аиашьаратә жәлар аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзеиӷьеишьеит.