Аԥсны аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш инамаданы.
Анотаҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:
«Урыстәылатәи Афедерациа азакәан хада аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа азинтә шьаҭақәа рыдагьы, урыстәылатәи ауаажәларра рдоуҳатә хырхарҭақәагьы аанарԥшуеит, зхала зхы ныҟәызго, исуверентәу аҳәынҭқарра ҭышәынтәаланы аҿиаразы шьаҟас иҟоуп.
Иахьатәи аҭахрақәа раамҭазы Аконституциа иугәаланаршәоит урыстәылатәи аҳәынҭқарра иахьа уажәраанӡа изықәныҟәо хьаҵра зқәым апринципқәа: асуверенитет, азакәан ахадара, атәыла аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара.
Урыстәыла иаанарԥшуеит аҳәынҭқарратә принципқәеи, азакәан ахадареи, жәларбжьаратәи аусқәа рҿы аҭакԥхықәреи рыхьчара ахымԥадара, уи Аԥсны ихадоу апартниор, адгылаҩ аҳасаб ала иааннакыло ароль арӷәӷәоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ ахә ҳаракны иршьоит Аԥсни Урыстәылеи аиқәшаҳаҭратә хыдҵақәеи, аҳаҭырқәҵареи, аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рыстратегиатә ҟазшьеи ирыбзоураны имҩаԥырго аимадара”.
Олег Барцыц Сергеи Лаврови Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив зегьи ақәҿиарақәеи, аҭынчреи, аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.