Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адипломатиатә усзуҩ Имш идиныҳәалеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адипломатиатә усзуҩ Имш идиныҳәалеит
10 February 2026 45

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адипломатиатә усзуҩ Имш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:

"Ари, акрызҵазкуа амшныҳәа – урыстәылатәи адипломатиатә маҵзуразы, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив рзы, аџьынџьтәылатә дипломатиазы иреиӷьу атрадициақәа назыгӡо ныҳәоуп.

Аиҳарак шәара шәнапхгарала урыстәылатәи адипломатиа акыр шықәса аицамкра, апринципра, храмазаара аанарԥшуеит.

Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳасаб ала шықәсырацәалатәи, хацәынмырхатәи шәусура, ииашаны, Урыстәылеиԥш уи анҭыҵгьы аҳаҭыр ду амоуп. Шәара шәыстратегиатә лаԥшҳәаа хара, аиашареи амилаҭтә интересқәа рыхьчареи ԥсахрада рыдгылара, жәларбжьаратәи амшхәаԥштә аҭагылазаашьа инарҵауланы адырра, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы зеиԥш ыҟам аҟазара ииашаҵәҟьаны шәдипломат дуны шәҟарҵоит.

Акыр шықәса инеиԥынкыланы шәара амилаҭтә интересқәа рыхьчараҿы аӷәӷәареи аконструктивтә диалог азхиареи еилаӡҩаны иаашәырԥшуеит адипломатиатә ҟазара иашаҵәҟьа аҿырԥштәы.

Аԥсны-урыстәылатә еидгылара арӷәӷәареи, жәларбжьаратәи аренаҿы аԥсуа жәлар ринтересқәеи урҭ ахатәҳәаақәҵаразы рзини раларҵәареи рус аҿы шәроль ахә ашьара залшом.

Гәыблыла исгәаласыршәоит ҵыԥх, жьҭаарамзазы, Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысыз аҵыхәтәантәи ҳаиԥылара, уи ҩаԥхьа ишьақәнарӷәӷәеит ҳтәылақәа рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара аинырра аҩаӡара шыҳараку. Агәра згоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи русеицура ԥхьаҟагьы Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ринтересқәа рымаҵ шауло".

Олег Барцыц Сергеи Лавров изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аԥсадгьыл амаҵ азуразы аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: