Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа реицминистрцәа Денис Роналдо Монкада Колиндреси Вальдрак Лиудвинг Џьентске Уитакери ашәҟәы рзынаишьҭит Ареспублика Никарагуа Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18 шықәса аҵра инамаданы

Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа реицминистрцәа Денис Роналдо Монкада Колиндреси Вальдрак Лиудвинг Џьентске Уитакери ашәҟәы рзынаишьҭит Ареспублика Никарагуа Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18 шықәса аҵра инамаданы
3 September 2026 73

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа реицминистрцәа Денис Роналдо Монкада Колиндреси Вальдрак Лиудвинг Џьентске Уитакери ашәҟәы рзынаишьҭит Ареспублика Никарагуа Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18 шықәса аҵра инамаданы.

Ашәҟәаҿы иазгәаҭоуп:

"Цәыббрамза 3, 2008 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбамҭа Аԥсны Аҳәынҭқарразы иҷыдоу аполитикатә ҵакы змоу хҭысны иҟалеит, ҳтәылақәа реизыҟазаашьаҿы аетап ҿыц хацнаркит. Аԥсны ҭабуп ҳәа ҳәо иргәаладыршәоит Никарагуа анапхгара апринциптә позициеи аԥсуа жәлар рхалатәҳәаақәҵаразы рзин иадгылаз Акоманданте Даниель Ортега хаҭалатәи илагалеи.

Иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩныҵҟа ишьақәыргылоуп аиқәшаҳаҭра-зинтә база ду, ишьақәыргылоуп иҭышәынтәалоу аполитикатә диалог, аҽарҭбааит ахырхарҭақәа жәпакы рыла аинырра. Ахә ҳаракны иаҳшьоит Ареспублика Никарагуеи ҳҳәынҭқарреи жәларбжьаратәи аплошьадкақәа рҿы аидгылареи, ажәларқәа рсуверенитети, рзинеиҟарареи рызҵаарақәа рганахь ала рызнеишьақәа реиԥшра.

Агәра ганы сыҟоуп ҩ-ганктәи аусеицура аамҭа иалагӡаны иаԥҵоу ахәаахәҭра-економикатәи агуманитартәи еимадарақәа рылшарақәа, аусбарҭабжьаратә еимадарақәа ԥхьаҟа рырҭбаареи еицаҳзеиԥшу аԥшьгарақәа рынагӡареи рзы алшара бзиақәа шаԥҵахо. Сазыхиоуп аринахысгьы ҳтәылақәа рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара ишиашоу, агәреибагаратә диалог аиқәырхара ацхраара».

Олег Барцыц Денис Роналдо Монкад Колиндреси Вальдрак Лиудвинг Џьентске Уитакери ирзеиӷьеишьеит агәабзиара ӷәӷәеи аманшәалареи, Ареспублика Никарагуа аиҩызаратә жәлар — аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: