Олег Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ ахь инеиразы, Сергеи Лавров изааишьҭыз адныҳәалара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит

Олег Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ ахь инеиразы, Сергеи Лавров изааишьҭыз адныҳәалара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит
23 April 2025 39

Олег Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ ахь инеиразы, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров изааишьҭыз адныҳәалара ҭабуп ҳәа ахҳәаауа ашәҟәы изишьҭит.

Ашәҟәы атекст аҿы, ҷыдала, иазгәаҭоуп:

«Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарраз стратегиатә ҩызоуп, ашәарҭадара хәдықәҵара азнауеит. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа иҷыдоу аҟазшьа рымоуп, урҭ еиԥҟьарада аҿиара иаҿуп, иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу аиҩызареи аицхыраареи аарԥшуа.

Агәра ганы сыҟоуп, ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа, шәара шәыцхыраарала аԥсуа-аурыс еиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы аҿиара шроуа, аимадаратә хырхарҭа ҿыцқәа аҭыԥ шроуа».

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: