Олег Барцыц Ахсар Џьиоев Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит

Олег Барцыц Ахсар Џьиоев Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит
9 May 2025 55

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Аиааира Амш наунагӡа иаанхоит ҵыхәаԥҵәара змам ахаҵареи, адунеизегьтәи ауаҩытәыҩсатә доуҳатә малқәа рызиашареи, ҳәаа змам Аԥсадгьыл ахь абзиабареи ирсимволны. Аиааира ахьӡала аибашьра адәаҿи атыл аҿи иаарԥшыз ахачҳара, афырхаҵара, агәымшәара хәызмаӡам малуп, хашҭра ақәым. Аиааира згаз абиԥарақәа рфырхаҵара ԥсра-ӡра ақәым, аҭынчреи аиашареи рыхьчара иахьагьы ҳгәы азҭанаҵоит.

Аԥсни Уаԥстәылеи рыжәларқәа Аиааира Дуӡӡа агараҿы злагала дуу, зыхьӡқәа наунагӡа аҭоурых хьтәы нбанла ианызҵаз рабацәеи рабдуцәеи ирызгәдууп».


X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: