Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев Аахыҵ Уаԥстәыла адипломаттә усзуҩы Имш азгәаҭара инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Атекст аҿы иҳәоуп:
«Аахыҵ Уаԥстәылатәи адипломатиа иаҟазшьарбаганы иҟоуп аҟазаратә ҩаӡара ҳаракы. Иахьа адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәа Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә интересқәа адунеизегьтәи аренаҿы рыхьчаразы ихадоу ароль нарыгӡоит» ҳәа.
Олег Барцыц Ареспублика Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив адипломатиатә ус аҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.