Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Ҭаџьикисҭан иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы ҷыдала иазгәаҭоуп:
“Шәара шәзанааҭдырра ҳараки шәԥышәа бееи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара астратегиатә еиҩызара ашьақәыргылареи аҿиареи рзы хәызмаӡам лагалан иҟан. Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ иҳасаб ала Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы шәыҟазаараан шәара стратегк, здырра ҳараку дипломатк иҳасаб ала шәхы аашәырԥшит.
Ҷыдала аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы хаҭалатәи шәлагала ахә ҳаракны иаҳшьоит. Шәара ара аус аныжәуаз аамҭаз ауп ахырхарҭақәа зегьы рҿы ҳусеицура ашьаҭа ӷәӷәа анаиуз, ихадоу аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҩба рнапаҵрҩра анымҩаԥгаз. Аԥсны, ҳреспублика ахьыԥшымреи аԥсуа жәлар рхатәхалаҳәаақәҵараз азин рыҭареи рыдгылара аус аҿы иаашәырԥшыз апринциптә позициа ргәалашәоит, ҳаҭыргьы ақәырҵоит.
Акыр зҵазкуа ари амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Семион Виачеслав-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, аҭаацәаратә маншәалара, ақәҿиара ҿыцқәа!»