Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьенцке иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«Шәара шәыԥсадгьыл аҿгьы, аҳәаанырцәгьы, аԥышәа ду змоу адипломат, аҳәынҭқарратә усзуҩ, атәыла апатриот иаҳасаб ала ахьӡ-аԥша ду шәымоуп.
Адәныҟатәи аполитикатә курс хра аманы анагӡареи, Ареспублика Никарагуа амилаҭтә интересқәа жәларбжьаратәи аренаҿы рыхьчареи рҿы иҟашәҵо шәумҭақәа рылҵшәа дууп.
Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратәи аиашьаратәи еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы, аиҩызареи агәреибагареи рыпринципқәа рыла ишьаҭарку аԥсуа-никарагуатәи усеицура аринахысгьы арӷәӷәараҿы хаҭала Шәара шәлагала ахә ҳаракны исшьоит.
Гәык-ԥсык ала исгәаласыршәоит 2025 шықәса ԥхынгәымзазы Ареспублика Никарагуа сыҟазаара. Гәахәарыла иазгәасҭоит свизит аполитикатә еизыҟазаашьақәа рырҿыцреи, аҩганк аинтерес ззеицрымоу ахырхарҭақәа рҿы хра злоу аусеицура амҩаԥгареи рзы алшара шҳанаҭаз. Сақәгәыӷуеит ҳҳәынҭқаррақәа рзы ԥхьаҟагьы хра злоу ҳзеиԥш усеицур иацҵахап ҳәа».
Олег Барцыц Вальдрак Џьентске изеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, адипломатиатә ус аҿы аихьӡара дуқәа.