Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аполитикатә партиа «Амцахара» аветеранцәеи алахәылацәеи ирыдиныҳәалеит апартиа 25 шықәса ахыҵра арыцхә.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
««Амцахара» ашьақәгылареи аҿиареи рҭоурых – ҳҳәынҭқарра аҿиара аҭоурых ауп. Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи хьчаны, аветеранцәа аҭынчраамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рыхьчоит. «Амцахара» ахыҵхырҭаҿы игылан ҳтәылаҿ иналукааша ауаа. Ахаангьы «Амцахара» алахәылацәа рпринцип хадақәа – аветеранцәа ракзаареи атәылаҿы аҭышәынтәалара аиқәырхареи – аԥыжәара шрырҭоз иаанхеит.
Ари, акыр зҵазкуа амш аҽны, ҳаҭыр зқәу аветеранцәеи аполитикатә партиа «Амцахара» алахәылацәеи, ҳажәлар реизҳазыӷьара иазку шәусураҿы ақәҿиара дуқәа шәзеиӷьасшьоит».
Олег Барцыц аполитикатә партиа «Амцахара» аветеранцәеи алахәылацәеи ирыдиныҳәалеит апартиа 25 шықәса ахыҵра
16 October 2025 102