Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, аҵаратә усҳәарҭақәа роушьҭымҭацәа рдокументқәа рыдкылара иалагоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиа аҭаларазы.
Аквота инақәыршәаны аҳәаанырцәтәи атәылақәа ртәылауаа рҵараҵара ҳәаақәҵоуп Урыстәыла Ахада Идҵа №5 (04.01.2010ш.) инақәыршәаны.
Аквотатә ҭыԥқәа еиндаҭлара ҳасабла ирылахәхоит еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа. Алагаратә ԥышәарақәа раан ироуз абаллқәа реихшьаалала еилкаахоит Адипломатиатә академиа иҭало рыхьӡқәа.
Актәи аетап аан абитуриентцәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахь инаргароуп абарҭ адокументқәа:
a) Арзаҳал – иалырхыз ахырхарҭа арбаны («жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа», «жәларбжьаратәи азин» www.dipacademy.ru);
b) Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ итәылаҩныҵҟатә паспорти аҳәаанырцәтәи ипаспорти рыхкьыԥхьаа;
c) актәи аҵарашықәсбжаантәи ихәшьарақәа рзы адырранҵа;
аԥышәарақәеи аиҿцәажәарақәеи мҩаԥгахоит абарҭ адисциплинақәа рыла:
- атәымбызшәа (ҿырҳәалеи ҩрылеи)
- аурыс бызшәа (адиктант)
- Аԥсны аҭоурых, Урыстәыла аҭоурых, ҳаамҭазтәи агеополитикатә процессқәа.
Адокументқәа рыдкылара аҿҳәара:
Лаҵарамза 7-10 2019 шықәса.
Аԥышәарақәа мҩаԥысуеит: лаҵарамза 23 - 26 2019 шықәса.
Азҵаарақәа рҭак аиуразы аимадаратә ҭел: + 7 840 226-70-69.