Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
5 June 2024 467

Азхьаԥшра аҭоуп ЕАР Ассамблеиа хада арезолиуциа «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи иқәҵыз ахаҿқәеи ахҵәацәеи рҭагылазаашьа азы». Арезолиуциа рыдкылан рашәара 4, 2024 шықәсазы. Иараҿы иазгәаҭоуп арҭ ахаҿқәа рыҩныҟақәа рахь рыхынҳәра азин.

Зегь раасҭа агәынамӡара аанарԥшуеит ари арезолиуциа есышықәса ишрыдыркыло аԥснытәи аган агәаанагара азхьаԥшра амҭакәа.

Ишдыру аиԥш Аԥсны ахаҭарнакцәа Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿеиԥш егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы рҽазыршәоит ахҵәацәа рганахь ала жәларбжьаратәи аилазаара ргәаанагара ддырҳарц, аха Аԥснытәи аган агәаанагара ҽырхықәымҵала иазнеиуеит.

Есышықәса Ассамблеиа хадаҿы абжьыҭиразы ицәырырго ари адокумент, аганқәа зегьы ргәаанагара азхьаԥшра азымҭо, арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иаламцәажәо документуп.

Иуҳәар ауеит жәларбжьаратәи аилазаара ари азҵаара аганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра агәаанагара ддырҳар рҭахым ҳәа.

ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада иахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аполитикатә иашара аарԥшны Аԥсны ахаҭарнакцәа Ассамблеиа апрофильтә еилакқәа рҿы аус руыртә аиԥш аҭагылазаашьа риҭарц. Аԥсны ахаҭарнакцәа ирымоуп азин ЕАР Аԥҟаԥҵәеи адемократиатә принцип хадақәеи инарықәыршәаны рпозициа адунеи ауаажларра иддырдырырц.

Ақырҭуа ган ахьгьы ааԥхьара ҟаҳҵоитЖеневатәи аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡаны адиалог нагӡа иа

зыхынҳәырц.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: