Нанҳәа 15 азы Аԥсны иазгәарҭоит Ахатәгәаԥхарауаҩ Имш

Нанҳәа 15 азы Аԥсны иазгәарҭоит Ахатәгәаԥхарауаҩ Имш
15 August 2025 130

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Гәдоуҭа ақалақь аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.

Ахатәгәаԥхарауаҩ Имш – 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа, аладатәи Урыстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа егьырҭ арегионқәа, иара убас егьырҭ атәылақәа рҟынтәи Аԥсны ацхырааразы хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа ирызкуп.

Кавказтәи ашьхаруа жәларқәа Рконфедерациа ахыхьчаратә еилакы ахантәаҩы Сулҭан Сосналиев напхгара зиҭоз Нхыҵ-Кавказнтәи хатәгәаԥхарала еибашьра Аԥсныҟа амҩа иқәлаз аԥхьатәи ргәыԥ аибашьра аҩбатәи амш, 1992 шықәса нанҳәамза 15 азы Гәдоуҭа иааит.

2300-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхаралауаа аибашьра иалахәын, урҭ рҟынтәи 290-ҩык инареиҳаны Аԥсны ахьчаразы иҭахеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: