Аҟәа иазгәарҭеит 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз анышә иахьамадоу Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ихы алаирхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба.
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара ахәылԥаз С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит. Атеатр афоие аҿы 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рфотоҭыхымҭақәа зну афотоцәыргақәҵа аартын.
Мчмырхарыла ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи Рымш, иара убас хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи Рымш ҳәагьы иԥхьаӡоуп, иара нанҳәа 30 азы иазгәарҭоит.