Ԥхынгәымза 10, 2026 шықәса рзы Аԥсны АдәАР астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба «Киевтәи арежим ацәгьоурақәа: Херсонтәи аобласт аграждантә уааԥсыра рганахьала атеррор» ҳәа атема ала жәларбжьаратәи ателецҳа ихы алаирхәит.
Аусмҩаԥгатә Европа, Азиа, Мрагылара Ааигәа, Африка, Аҩадатәии Латинтәии Америка рҳәынҭқаррақәа 80 рҟынтәи алахәылацәа алахәны авидеоконференциа аформат ала имҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ареспублика Никарагуа Асопрезидент Росарио Мурильо, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистр Ахсар Џьиоев, урыстәылатәи арегионқәа рнапхгаҩцәа, иара убас аексперттәи адипломатиатәи еилазаара ҭбаа.
Ажәахәқәа ҟарҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Родион Мирошник, Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рнапхгара ахаҭарнакцәа, арратә аналитикцәа нагақәа, ажурналистцәа, жәларбжьаратәи ауаажәларратә усзуҩцәа.
Ателемост хықәкы хадас иаиуит Херсонтәи аобласт аҿы жәларбжьаратәи агуманитартә зин аилагарақәа ирызку аматериалқәа рыдгалареи урҭ рылацәажәареи, иара убас аграждантә уааԥсыра рыхьчареи жәларбжьаратәи агуманитартә ҭакҟаҵареи рызҵаарақәа рзы агәаанагарақәа реимдареи. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа имҩаԥысуа ахҭысқәа рыхәшьарақәа ӡырыргеит.
Џьемал Бганба иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭрала ишацклаԥшуа, аимак азонаҿы аграждантә уааԥсыра рлахьынҵа агәҭынчымра ӷәӷәа шаанарԥшуа.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра хьаҳәхьачарада иақәыӡбоит Украина арбџьармчқәа аграждантә обиектқәа ааха ахьрырҭо. Анхарҭатә еиланхарҭақәа рылахысра, адистанциатә минақәа рыҵаҵара, аинфраструктура ажәлара агуманитартә зин анормақәа ӷәӷәала еиларгоит», ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Џьемал Бганба.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны АдәАР аполитикатә бжьахәаахәҭрақәа ирмаҭәарны иҟамлаша, асеиԥш иҟоу афактқәа зегьы еилых ҟамҵакәа рыҭҵаара хымԥадатәины ишашьо.
"Аибашьраз зхатә ԥышәа змоу тәылак аҳасаб ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра ибзианы еилнакаауеит ауаҩытәыҩсатә гәаҟрақәа рыхә. Ҳара Херсонтәи аобласти егьырҭ арегионқәеи руааԥсыра, Украина Арбџьармчқәа рганахь ала агрессиа иақәшәо ҳрыдгылоит.
Ҳара Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реидгыларатә еизыҟазаашьақәа адгылара аҳҭоит, ашәарҭадара азеиԥш ҵакыра ахьчара аидеиақәа еицеиҩаҳшоит. Аԥсны ауааԥсыра иааиԥмырҟьаӡакәа ааха зауз арегионқәа агуманитартә цхыраара рырҭоит, урыстәылатәи аррамаҵзурауааи дареи рыжәҩахыр еибыҭаны аҭынчра рыхьчоит», ҳәа азгәеиҭеит иара.
Џьемал Бганба иқәгылара хыркәшо агәыӷра ааирԥшит иаарласны иҭынчны, ииашаны аимак аҭышәныртәалара ҟалап ҳәа.