Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рнапхгара алахәны имҩаԥысыз аилацәажәара иазкны асоциалтә ҳақәа рҿы ииашам ацәажәарақәа ахьеизҳауа инамаданы, адырра ҟаҳҵоит:
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа азхьанарԥшуеит, хыхь зыӡбахә ҳәаз аиԥылараҿы Урыстәылатәи атәылауаҩрагьы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, Урыстәылатәи Афедерациаҿы арратә маҵзура рахысразы ашәҟәы рҭагалараз изныкымкәа аҭыԥ змаз аҽазышәарақәа рызҵаара ишалацәажәаз. Аиԥылара хықәкыс иаман Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациаҿы арратә маҵзура ахысразы ашәҟәы рҭагалара алмыршахарц азы азакәантә механизмқәа раԥҵара, урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра амобилизациатә резерв иахьахәҭакуи Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ арратә маҵзуразы ашәҟәы иҭагалазари ахьакәу азы.
Ҳаҭыр зқәу ҳтәылауаа шәахь аҳәара ҟаҳҵоит адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵо аофициалтә информациа еицашәымкларц.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба иҟаиҵаз ахҳәаа
13 December 2025 103