2025 шықәса цәыббра 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иазгәарҭоит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы (1992-1993) Аиааира агара 32 шықәса ахыҵра.
Ҳмилаҭ рԥыза Владислав Григори-иԥа Арӡынба напхгара зиҭоз ҳажәлар рыԥсадгьыл ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит. Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы аибашьра ашықәс хьанҭақәа раан хатәгәаԥхарала еибашьра иаази атәыла ажәлари рыжәҩахыр еибыҭаны еибашьуан.
Иахьа ҳара Аиааира аазгаз абиԥара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит, Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Афырхацәа еснагь ҳгәаҵаҿы иҟазаауеит.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш шәыдныҳәалаз!