Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Алиас Аиба Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Ареспублика Никарагуа аҿы.
АИБА АЛИАС ДАУР-ИԤА
Диит 1988 шықәсазы
2005 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет, «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» азанааҭ ала аҵара иҵон;
2010 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы аррамаҵура дахысуан;
2011 шықәса инаркны 2013 шықәсанӡа УА АҩАР аҟны Адипломатиатә Академиаҿы аҵара иҵон, «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» ахырхарҭала, амагистр иҩаӡара иоуит;
2014 ш. – Аԥсны АдәАР Латинтәи Америкеи, Азиеи, Африкеи, АТР-и рыҟәша ареферент;
2014 ш. – адипломатиатә ранг – Атташе ианашьоуп;
2014 ш. – адипломатиатә ранг – II акласс абжьгаҩ ианашьоуп;
2014 ш.– амаҵзуратә усураҿы ламысцқьала иусуразы аџьшьара иҭоуп;
2014 ш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада изаамҭанытәим иалхрақәа раан жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа адкылараҿы хра злоу ицхырааразы аџьшьара иҭоуп;
2015 ш.– Аџьынџь аҿаԥхьа илшамҭақәеи жәларбжьаратәи аусеицуреи адипломатиатә усуреи рырҿиараҿы хаҭалатәи илагалеи рзы Аҳаҭыртә шәҟәы ианашьоуп;
2015 - 2017 шш. – Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ;
2017 ш. – ихатәгәаԥхарала иусура нижьуеит;
2018 - 2022шш. – АНО Алашара Аҟәатәи аҟәша аиҳабы;
2018 - 2022 шш. – АААК Аҟәатәи аҟәша аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩ;
2024 - 2026 шш.– Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ;
2024 ш. – адипломатиатә ранг Аҷыдалкаатә зинмчы змоу 2-тәи акласс ацҳаражәҳәаҩ ихҵоуп;
Жәабранмза, 2026 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы аамҭалатәи агәрагас дҟаҵоуп;
Жәабранмза 12, 2026 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп.
Дҭаацәароуп.