Кавказтәи ассоциациақәа Рфедерациа аделегат (КАР), Аднан Мендерес иуниверситет адоцент, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Ельчин Аӡынԥҳа, ашьагәыҭ жәларқәа рзинқәа рыхьчаразы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аексперттә механизм 19-тәи асессиа лхы алалырхәи

Кавказтәи ассоциациақәа Рфедерациа аделегат (КАР), Аднан Мендерес иуниверситет адоцент, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Ельчин Аӡынԥҳа, ашьагәыҭ жәларқәа рзинқәа рыхьчаразы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аексперттә механизм 19-тәи асессиа лхы алалырхәи
17 July 2026 51

Кавказтәи ассоциациақәа Рфедерациа аделегат (КАР), Аднан Мендерес иуниверситет адоцент, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Ельчин Аӡынԥҳа, ашьагәыҭ жәларқәа рзинқәа рыхьчаразы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аексперттә механизм 19-тәи асессиа лхы алалырхәит (ԥхынгәымза 13-17, 2026 ш.)

Ельчин Аӡынԥҳа лықәгылараҿы дырзааҭгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала хықәкылатәи аҭахкааратә политика иҽеим ахҟьаԥҟьақәа, ЕАР амеханизмқәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит азинхьчаратә аспектқәа еиҳа ахшыҩзышьҭра рырҭаларц, Аԥсны Аҳәынҭқарра зус здыруа аусбарҭақәа ирырҭаз адокументқәа разхаҵара апроблемагьы уахь иналаҵаны.

" УВКПЧ-и АЕМПКН-и рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра акомпетенттә усбарҭақәа ирырҭаз адокументқәа разхаҵара мап ахьацәыркыз иахҟьаны ицәырҵуа азинхьчаратә хҟьаԥҟьақәа еиҳа хшыҩзышьҭра рырҭарц.

Иара убасгьы ааԥхьара ҟаҳҵоит ауаҩы изинқәа рыхьчаразы ЕАР иашьашәалоу амеханизмқәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны ауааԥсыра ринтересқәа зинла еиҟараны ашәҟәы рҭагалара алыршазарц, аимак аганқәа зегьы злахәу аинклиузивтә диалог иацхрааларц, аныҟәара ахақәиҭра алыршара, аҵарадырра аиура, акультуратә зинқәа рыхьчара, иара убас жәларбжьаратәи аплошьадкақәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуратә ҭынха адгалара алыршара иазырхоу аԥшьгарақәа ирыдгылаларц», ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Ельчин Аӡынԥҳа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: