Жьҭаара 23-28 рзы Москва имҩаԥысит VIII Адипломатцәа ҿарацәа рфорум "Аиааира адипломатиа". Аусмҩаԥгатә азкын жәлар рдипломатиа 100 шықәса ахыҵра, имҩаԥысит Россотрудничествои Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломаттә академиеи рыцхыраарала.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟан Асҭанда Патараиа, Нури Хәарцкьиа, Нана Чачхалиа.
Афорум адунеи атәылақәа зегьы рҟынтәи адәныҟаполитикатә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа ҿарацәа рыбжьара иахьатәи адунеизегьтәи азҵаарақәа рзы иаарту агәаанагарақәа реимдареи реиҿцаареи рзы зеиԥш ыҟам ҭыԥуп. Сынтәа афорум 60-тәыла рҟынтәи 130-ҩык аҿар рхы аладырхәуеит.
Спикерцәас иқәгылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара рхаҭарнакцәа, иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аекспертцәа.
Сынтәатәи афорум Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵреи, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара 80 шықәса ахыҵреи, ахырхарҭа рацәа змоу асистема ҿыц ашьақәгылареи, ацифратә технологиақәеи, аҿар рполитикеи, аспорти, аҵарадырреи, акультуреи рҿы аусеицуреи ирызкуп.
"Ас еиԥш аиԥыларақәа адипломат ҿарацәа рыбжьара азанааҭтәи хаҭалатәи аимадарақәа арӷәӷәоит, рԥышәа еимырдоит, агәрагаратә еицәажәарақәа рзы алшарақәа рзаԥнаҵоит, Ари акыр зҵазкуа шьаҿоуп, абиԥара ҿа жәларбжьаратәи аусеицура аҿиара аганахьала", — ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҿы иҟоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахантәаҩы Асҭанда Патариаԥҳа.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва имҩаԥысит VIII Адипломатцәа ҿарацәа рфорум "Аиааира адипломатиа" аҿы Аԥсни Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Адипломатцәа ҿарацәа рхеилакқәа рхаҭарнакцәа хганктәи аилацәажәарақәа. Дара инарҭбааны адипломат ҿарацәа реимадареи еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рылшарақәеи рызҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсни Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рдипломатцәа ҿарацәа реиԥылара еснагь аиԥш аҭагылазаашьа ҟәанда аманы имҩаԥысит.