Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба агазеҭ «Республика Абхазия» иаиҭаз аинтервиу

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба агазеҭ «Республика Абхазия» иаиҭаз аинтервиу
11 April 2025 73

2008 шықәса инаркны Женева имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа, урҭ рхықәкы – Қырҭтәыла ирыднагалаз аибашьрақәа рҿы аиааира згаз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рзы ашәарҭадара аиҿкаареи, Аахыҵ-Кавказтәи арегион аҿы аҭышәынтәалара аиқәыршәареи роуп.

Хәажәкыра 4-5 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиз, 63-тәи аиҿцәажәарақәа рраунд, уи Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Қырҭтәыла, Америкатәи аштатқәа рҟынтәи аделегациақәа, иара убасгьы, традициала аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – ООН, ЕС, ОБСЕ рхаҭарнакцәа – рхы аладырхәит. Ҳауаажәларра рыхәҭак агәаанагара рымоуп, ари аиҿцәажәаратә процесс алҵшәақәа ҳгәыӷрақәа ирықәшәом, иара зынӡагьы иаҭахым ҳәа. Иабанӡа иашоуз асеиԥш ахәыцра?

– Иахьа аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара ахьалшо ҳәа иҟоу формат заҵәыкны иҟоу Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа роуп. Ииашаҵәҟьаны, ҳауаажәларраҿы урҭ рзы агәҩара зҵоу азнеишьа шьақәгылеит, избан акәзар макьаназы гәыӷрак узҭаша аполитикатә прогресс ҟамлаӡацт. Аха уи иаанагаӡом ари аганахь ала аусура ҳаҟәыҵроуп ҳәа. Адипломатиаҿы иаарласны акгьы аӡбара залшаӡом, еиҳаракгьы аибашьартә еиҿагыларақәа рыӡбараан. Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара, рпозициақәа рганахь ала, аиқәымшәара ӷәӷәақәа шыҟоу иаанхоит, уи аконсенсус аҟынӡа ҳнеира иаԥырхагоуп.

Аԥсуа ган азы, иаарласны аӡбара зҭаху гуманитартә зҵаара хаданы иаанхоит Аԥсны амилаҭтә тәылауаҩшәҟәы, ҳтәылауаа рхы иақәиҭны, иаҳҳәап, амедицинатә цхыраара роурц азы адунеиаҿ иахьырҭаху рнеираз алшара рызҭо документк аҳасаб ала азхаҵара. Ари акыр зҵазкуа проблемоуп, убри аҟнытә Аԥсны еснагь аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рҿаԥхьа ари азҵаара ықәдыргылоит, аринахысгьы уи аӡбара ахымԥадатәраз аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит.

Аполитикатә аспектқәа ртәы ҳҳәозар, аиҿцәажәарақәа рхықәкы хада – Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала арратә мчы ахархәара мап ацәкразы аҭакԥхықәра адызҵо ашәҟәы анапаҵыҩра ауп. Уи Аахыҵ Кавказ зегьы иахьаҵанакуа аибарххара акырӡа арԥсыҽра иацхраауеит, ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа рҭышәынтәаларазы шьаҭас иҟалоит. Рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла иааннакыло апозициа иахҟьаны, амч ахархәара мап ацәкра иазку ашәҟәы атекст азы ҳзеиқәышаҳаҭхом.

– Иарбан зҵаарақәоу аиҿцәажәарақәа ирылахәу аиҳарак излацәажәо?

– Қырҭтәылатәи алахәылацәа зегь рыла рҽазыршәоит рыцәгьоурақәа рзы аҭакԥхықәра егьырҭ атәылақәа рахь аиагара, Урыстәыла аимак иалахәызшәа аҭагылазаашьа аарԥшра. Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ҳколлегацәеи ҳареи активла ҳаҿагылоит Қырҭтәыла анапхгара аҭоурых аиҭаҩразы иҟарҵо аҽазышәарақәа. Ҳара ҳпозициа ԥсахра ақәым. Ҳара иаҳҳәоит: Қырҭтәыла ауп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы ашьаарҵәыратә еиҿагыларақәа хацзыркыз агрессор, Қырҭтәыла ауп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿаԥхьа амч ахархәара мап ацәкразы азакәаншьаҭа змоу ашәҟәы анапаҵаҩрала аимак аиҭахацмыркразы аҭакԥхықәра зхахьы изгаша. Ас еиԥш аҭынчратә еиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ашьҭахь ауп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы рҭышәынтәаларазы Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара адиалог амҩаԥгара аналыршахо.

– Ишԥамҩаԥыси Женеватәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи араунд?

– Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә азҵаара иҳаҩсыз 16 шықәса ирылагӡаны ԥсахра дук ианымиаӡеит, еиуеиԥшым азҵаарақәа актуалра шрырцәыӡхьоугьы. Рыцҳарас иҟалаз, амшхәаԥштә аҿы аиҭакрақәа рыҟаҵаразы, мамзаргьы ацҵарақәа рыҟаҵаразы аҽазышәарақәа зегьы ахантәаҩцәа ирызрыдкылом, еилыркаарцгьы рҭахӡам. Аиҿцәажәарақәа традициала ҩ-усуратә гәыԥк рҿы имҩаԥысуеит: ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа рзы. Актәи аусуратә гәыԥ иатема хаданы иаанхоит амч ахархәара мап ацәкразы жәларбжьаратәи агарантиақәа рзы аиқәшаҳаҭхареи уи ашьҭахь иара аиқәшаҳаҭра ахаҭа анапаҵыҩреи.

Аҩбатәи аусуратә гәыԥ аҿы излацәажәо азҵаарақәа рҟынтәи ҳделегациа азы ихадоу акы акәны иаанхоит Аԥсны атәылауаа хақәиҭрала рныҟәара. Аҩбатәи аусуратә гәыԥ амшхәаԥштә аҿы иара убасгьы иарбоуп ахҵәацәа рызҵаара, ҳара уи уажәтәи аамҭазы ҳалацәажәаӡом. Ахҵәацәа рызҵаара аганахь ала Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи реицпозициа ыҟоуп, ҳделегациақәа ари апроблема алацәажәара мап ацәыркуеит, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аренаҿы уи аполитикатә ҟазшьахьы иианагонаҵы. Қырҭтәыла есышықәса Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада аҿаԥхьа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахҵәацәа рзы арезолиуциа ықәнаргылоитт, аха ҳара ҳтәала, уи атенденциатә ҟазшьа амоуп, насгьы ари апроблема аганахь ала имҩаԥысуа ахҭысқәа робиективтә сахьа зегьрыла еиланарҩашьоит.

Рыцҳарас иҟалаз, акыр шықәса раахыс ахҵәацәа рызҵаарагьы уахь иналаҵаны Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы альтернативтәи аобиективтәи дыррақәа рыҭаразы ООН аилакқәа русура алахәхаразы ҳҭаххара Қырҭтәылеи уи Мраҭашәаратәи апатронцәеи рҟынтәи аҿагылара ӷәӷәа аиуеит. Абас ала, ООН Ассамблеиа Хада алахәылацәа обиективла аинформациа аиураз алшара рцәыӡуеит, Қырҭтәыла иҟанаҵаз ахҵәацәа ирызку ақәҵаразы рыбжьы рҭиргьы акәхоит. Ахҵәацәа рызҵаара адунеизегьтәи аҩаӡараҿы аарԥшразы апроцесс алахәылацәа еиҟароу алшарақәа ахьрымам – Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны урҭ рылацәажәаразы аԥынгыла дуқәа аԥнаҵоит. Ақырҭуа ган ари апроблема аполитикатәразы аҽазышәарақәа ааныжьны, ООН Ассамблеиа Хада аҿаԥхьа ақәыргылара ианаҟәыҵлак, ари азҵаара аганахь ала ҳделегациақәа рпозициа аҽаԥсахыр алшоит. Аха лассы ари апроблема аиааира алшап ҳәа ԥхьаҟа узықәгәыӷша ҭагылазаашьакыҟаӡам.

– Изакәузеи Аинцидентқәа раԥхьырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рмеханизм (МПРИ)?

– Ари Амеханизм Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәаатә зонақәа рҿы ицәырҵуа аимакқәеи егьырҭ актуалтә зҵаарақәеи рыӡбаразы Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирыхәҭакуп. Ари аформат аусура ҳара ҳинициативала иаанкылан 2018 шықәсазы. Уи зыхҟьаз Қырҭтәыла ганкахьала Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа зҵазкуаз асанкциақәа рсиа ахьрыдыркылаз ауп. Қырҭтәыла арҭ асиақәа Аԥсны злахәхара алымшо еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аплатформақәа рҿы ирыладырҵәеит. Ҳара изныкымкәа қырҭтәылатәи алахәылацәа ргәырҽанаҳҵахьан, ари асанкциатә рсиа рыдыркылар, аԥсуа ган ҭакк аҳасаб ала МПРИ аусура аанкылоит ҳәа. Иагьыҟаҳҵеит. Аха ус шакәугьы, аԥсуа ган, аҭыԥқәа рҿы ашәарҭадара аиқәыршәара акырӡа шаҵанакуа еилкааны, ас еиԥш аформат ала аусура аиҭарҿыцразы еиуеиԥшым акомпромисстә ӡбарақәа зныкымкәа ирыднагалеит. Рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла аганахь ала ари амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩаԥхьа аусура алагаразы гәазыҳәара дук ҳбом.

– Иракли Вахтанг-иԥа, аамҭак азы Женеватәи аилацәажәарақәагьы аанкылан. Иарбан мзызу уи иамаз?

– 2020 шықәсазы акоронавирустә пандемиа аамҭаз аиҿцәажәарақәа мҩаԥгамызт. Раундқәак бжьажьын. Аха алахәылацәа зегьы аусура аиҭалагаразы агәазыҳәара аадырԥшит, иаарласынгьы еиҭашьақәыргылан араундқәа рымҩаԥгара аамҭа ианыруаз ԥсахрақәак ҟаҵаны. Уаанӡа ҳаиԥыларақәа шықәсык ахь ԥшьынтә имҩаԥысуазар, уажәы хынтә имҩаԥысуеит.

– Швеицариатәи Женева аҟынтәи аиҿцәажәарақәа даҽа тәылак ахь ииагахар абанӡалшо?

– Швеицариа иарбанзаалак ажәларбжьаратә форматқәа рымҩаԥгаразы еснагь алшарақәа аԥнаҵоит, аимакқәа ирылахәым инеитралтәу тәыланы иаанхоит. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа ҳара иаҳбоит Швеицариа активла еиуеиԥшым аконфликтқәа ишрылархалоу, инеитралтәу ҳәынҭқаррак аҳасаб ала иамоу астатус ацәыӡыр шалшо. Ҳара ҳделегациа уи лабҿаба ирнырит, иҳаҩсыз ашықәс азы Швеицариа анапхгара шенгентәи авизақәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рделегациақәа рхаҭарнакцәа рыҭара ԥкызарц азы аӡбра анрыдыркыла ашьҭахь. Уаанӡа ҳделегациақәа шенгентәи авизақәа уадаҩрада роура рылшон.

Ишеилкаахаз ала, Швеицариа иаӡбеит Урыстәыла иаҿагыло европатәи асанкциақәа ирылахәхарц, ҳаргьы урҭ ҳрыҵадыркит, избанзар ҳара Урыстәыла атәылауаҩрагь ҳамоуп, насгьы Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа ҳауеит. Ари ҳаргьы, Урыстәылатәи ҳколлегацәагьы Швеицариа иобиективтәу, инеитралтәу бжьаҟазак аҳасаб ала иамаз астатус ацәыӡит ҳәа агәаанагара зҳазцәырнагаз. Убри азоуп Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыпроцесс алахәылацәа зегьы ирзыманшәалоу даҽа тәылак ахь аиагаразы ааԥхьарақәа зыҟаҵоу. Даара акраҵанакуеит иалаҳхыр алшо атәыла анапхгара алахәылацәа руаӡәк мамзаргьы даҽаӡәы иахь еиҳа аԥыжәара аадмырԥшларц, анеитралитет иқәныҟәаларц.

– Аиҿцәажәарақәа рформат зынӡа иаанкылахар алшома?

– Знымзар-зны, аиҿцәажәарақәа зегьы, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, рҵыхәтәа ԥҵәоит. Аха сара сгәы иаанагом ҳара ҳаиҿцәажәарақәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны ҳарҟәаҵып ҳәа, избан акәзар, Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара иаҵанакуа ихадоу ауснагӡатәқәа макьаназы иӡбаӡам.

– Иарбан ԥеиԥшқәоу Аԥсны ахьыԥшымра инарҭбааны жәларбжьаратәи азхаҵара аиурц азы иамоу?

– Ҳара ҳмилаҭтә интересқәа адунеизегьтәи аренаҿы рыҿиара аиқәыршәараз еиҳарак ҳақәгәыӷуеит ҳастратегиатә ҩыза, ҳпартниор – Урыстәыла ацхыраареи адгылареи ҳанаҭап ҳәа. Уажәазы ҳхьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара ду аиуп ҳәа аҳәара даара иуадаҩуп. Ҳара иахьа ҳанхоит ҳрегион мацара акәымкәа, иааизакны адунеи аҿиара зыӡбо жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ҿыц ашьақәгылара аамҭазы. Ус шакәугьы, ауадаҩра дуқәа шҳамоугьы, ҳара ари ахырхарҭала аусура ҳаҿуп, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа Рминистрразы ихадоу усны иаанхоит.

– Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан иарбан хҭысқәоу еиҳа ишәгәалашәо?

– Амчхара ахархәара мап ацәкразы еицаҳзеиԥшу ажәалатәи аҳәамҭа адкылара ҳазааигәазтәыз араунд. Ари 2018 шықәса анҵәамҭазы ауп. Сааҭлатәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан, урҭ раан Қырҭтәылатәи аделегациа ахаҭарнакцәа аилатәаратә зал аанрыжьны Қырҭтәыла иреиҳау анапхгара изныкымкәа рыҽрымардон. Сааҭқәак рышьҭахь, ақырҭуа лахәылацәа ҩаԥхьа мап ацәыркит еицаҳзеиԥшу ҿырҳәалатәи аҳәамҭа атекст ақәшаҳаҭхара, ҳаиҳабацәа рҟынтәи адҵа ҳауит ҳәа ҳәаны. Иазгәасҭарц сҭахуп апроцесс алахәылацәа зегьы ари ажәалатәи аҳәамҭа адкылара ишазхиаз, аха нас, Қырҭтәылатәи аделегациа ари алшара даҽазныкгьы ишаԥырхагахаз.

Ас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа еилыкка иаҳдырбоит Қырҭтәыла шакәу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ирԥырхагоу, ҳрегион аҿы аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы ашәарҭара зырҿио.


X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: