Ажәабжь ҿыцқәа
25 January 2020 1073
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра адыррақәа рыла иҭахази ахәрақәа змоуи рыгәҭа аԥсуа-адыга диаспора иаҵанакуа аӡәгьы дыҟам.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Ҭырқәтәыла Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ахәаша, ажьырныҳәа 24 рзы апровинциқәа Манисеи Елазыги рҟны аԥсыҭбарақәа ацны иҟалаз адгьылҵысра инадҳәаланы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба сергеи Лавров Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрс еиҭаҟалара идиныҳәалеит.
22 January 2020 783
Ажьырныҳәа 22, 2020 шықәса рзы иҵит 27 шықәса «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра» анапы аҵаҩуижьҭеи.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ажьырныҳәа 21 рзы Москва диԥылеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба идиныҳәалеит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 13-шықәса аҵра.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭеит ақырҭуа маҵзурауаа Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара адиалог хацырктәуп ҳәа Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа иҟарҵаз ажәадгалақәа ирзаадырԥшыз ареакциақәа.
Ажьырныҳәа 15 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Даур Ақаҩба диирдырит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ ҿыц - Максим Литвинов.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев аконституциа амш идиныҳәалеит.