Ажәабжь ҿыцқәа
3 November 2017 982
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны абҵара 2 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниеи Аахыҵ Кавказ азы Евроеидгыла Ахаҭарнак ҷыда иполитикатә бжьагаҩ Том Триери реиԥылара.
Жьҭаара 27 2017 рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра реилатәараан Аԥыза-министр Георги Квирикашвили аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра гәҭакны ишрымоу аԥсуа бызшәа аҿиареи ахьчареи рзы апрограмма ҷыда аус адулара.
2017 шықәса жьҭаара 23 рзы Боливариантәи ареспублика Венесуелаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Паптәи анунциа Альдо Джиордано (Aldo Giordano) иҟаиҵаз анаԥхьарала, далахәын Боливариантәи Ареспублика Венесуела аккредитациа зманы иҟоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа реиҿцәажәара. Аиҿцәажәара мҩаԥысуан Ватикан Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
2017 шықәса, жьҭаара 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Франциа Амилаҭтә еизара адепутат, Апартиа «Угыл, Франциа» ахада Николиа Диупон-Ениани еиԥылеит Франциа Амилаҭтә Еизаар ахыбраҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы рзынарышьҭит аинрал Уалид Ҳамди Абаза Маршьан иуацәеи иҭынхацәеи.
12 October 2017 889
1999 шықәса жьҭаара 12 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны ирыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы» Акт.
11 October 2017 1559
Жьҭаара 10-11 2017 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 41 рраунд.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Вануату Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә нота нанашьҭит Вануату Аконституциа амш инамаданы.