Абри амш аҽны, 1919 шықәса жәабран ҩажәи быжьба рзы иҭыҵит аԥсуа бызшәалатәи агазеҭ «Аԥсны» актәи аномер, редакторс аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа дызмаз.
Атәыла ажурналистика иахьазы акырӡа иауу амҩа ду ианысхьеит, ибеиоу азанааҭтә традициақәагьы шьақәгылахьеит.
Иахьа, амассатә информациа ахархәагақәа рыда аԥсҭазаара ухаҿы аагара уадаҩуп. Аинформациатә хархәагақәа, аҳәынҭқарра аԥсҭазаара иахәҭакуп, ауаажәларра рыԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа аҭыԥ ааныркылоит, урҭ аинформациа рыҭареи иахьатәи акыр зҵазкуа ахҭысқәа дырдырреи ирзырхоуп.
Аинформациатә хархәагақәа русзуҩцәа акыр зҵазкуа русураҿы ирзеиӷьаҳшьоит ақәҿиарақәа, арҿиаратә гәацԥыҳәара, рыгәҭакқәа рынагӡара.