Ажәабжь ҿыцқәа
Жәабран 3 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҳәынҭқарратә бжьагаҩ Константин Кочиеви реиԥылара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Москва Аиҳабыра рминистр, Москва адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартамент анапхгаҩы Сергеи Черемини реиԥылара Москва имҩаԥысит.
Урыстәылатәи Афедерациаҿ усутә ныҟәарыла иҟазаараан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Ареспублика Никарагуа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиеи иареи аиԥылара мҩаԥыргеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәараан имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистри Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара.
2 February 2026 19
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц идҵала, Никарагуа Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩыс иҟаз Аиба Алиас Даур-иԥа аамҭала Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп, Никарагуа Ареспубликаҿы Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц далырхаанӡа.
2 February 2026 15
Аԥсны ахада Бадра Гәынба аусԥҟа инапы аҵеиҩит Инар Ладариа Никарагуа Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәызарц.
31 January 2026 13
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» аредактор хада Манана Гәыргәлиеи амаҵзура аколлективи аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 31-шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.
Ажьырныҳәамза 28, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Делси Родригес Гомес лҭоубашьҭаҵара аофициалтә церемониа ихы алаирхәит.