Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа усутә визитла дааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа усутә визитла дааит
6 June 2025 30

2025 шықәса рашәара 5 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа даҭааит. Аҳаирбаӷәазаҿы аминистр иԥылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа.

Рашәара 6 азы Москва ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи уи иколлега – адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысран иҟоуп.

Аганқәа рылацәажәоит аҳәынҭқаррабжьаратәи аԥсны-урыстәылатә усеицура амшхәаԥштә иазку актуалтә зҵаарақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: