Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аусуратә еилатәара мҩаԥигеит

Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аусуратә еилатәара мҩаԥигеит
6 June 2025 49

2025 шықәса рашәара 5 азы Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аиԥылараҿы Урыстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Ацҳаражәҳәарҭа ҳазҭагылоу аамҭазы имҩаԥнаго аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аиԥылараҿы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аимадарақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи рҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла иҟоу аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рдипломатиатә миссиақәа рҿы аимадара ҿыцқәа рыбжьаҵара, рырӷәӷәара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы Ацҳаражәҳәарҭа аусура активтәра аҵак ду шамоу азгәаҭан.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: