Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Аҳәынҭқарра даҭааит

Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Аҳәынҭқарра даҭааит
25 August 2024 319

Нанҳәа 25 азы Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Аҳәынҭқарра даҭааит. Ахсар Џьиоев диԥылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа.

Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара 16 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа ихы рылаирхәуеит.

Иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа 2024-2025 шықәсқәа рзы аконсультациақәа рыплан анапаҵаҩра.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: