Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак иҟанаҵаз анаԥхьарала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак аделегациа Цхинвалҟа инеиит ареспублика аҳҭнықалақь аҿы абҵара 26-27 рзы имҩаԥысуаз ҩ-ганктәи аконсультациақәа рылахәхаразы.
Аҩ-ҳәынҭқаррак рҿар рхеилакқәа русура аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура алацәажәареи иара убасгьы арегионалтәи адунеизегьтәи амшхәаԥштәқәа ирыҵанакуа зегь реиҳа ихадоу азҵаарақәа рзы инарҭбааны агәаанагарақәа реимдареи мҩаԥысит.
Абҵара 26 азы, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аҿар рдипломатиатә хеидкылақәа рыбжьара имҩаԥысуаз аилацәажәарақәа раан аусеицуразы Амеморандум анапы аҵаҩын.
Адокумент ахеидкылақәа рыбжьара ишиашоу аимадара ашьақәыргылареи, аҿиареи, аԥышәа аимдареи, аҩ-ганк рзы аинтерес зҵоу азҵаарақәа рзы абжьгарақәа рымҩаԥгареи азԥхьагәанаҭоит.
«Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рдипломатцәа ҿарацәа рыҩаӡараҿы асеиԥш аусеицуразы Амеморандум анапаҵыҩра раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит. Ҳара ҳгәаанагарала, ари акыр зҵазкуа хҭысуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟа қәҿиарала рыҿиара аконтекст ианырԥшны. Ари ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицура ахырхарҭақәа есымша рҽышдырҭбаауазы ирҵабыргыгоуп», — лҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы адипломат ҿарацәа Рхеилак ахантәаҩы Асҭанда Патараиа.
Цхинвал иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ А.М. Елбакиев иԥыларагьы мҩаԥысит. Аиԥылара итрадициатәу аԥхарреи аиҩызаратә ҭагылазаашьеи аман.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥснытәи аделегациа 1989-2008 шықәсқәа рзы Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рганахьала Қырҭтәыла имҩаԥнагаз агрессиақәа раан иҭахаз ргәалашәара иазкны, Цхинвалтәи ахәбатәи ашкол ашҭаҿы иҟоу Амемориалтә нышәынҭраҿы иргылоу ауахәама маҷ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аахыҵ Уаԥстәылатәи аган, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҷыда инаҵшьны иазгәаҭо, Аԥснытәи рколлегацәа атәылахь рнеиразы ҭабуп ҳәа рарҳәеит. Аԥснытәи аделегациа алахәылацәа ракәзаргьы ҭабуп ҳәа ахырҳәааит аешьаратә Уаԥстәыла адгьыл аҿы ирзыҟаҵаз гәыкалатәи адкылара.