Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу аделегациеи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Ефимови реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараҿы ишьҭыхыз ихадоу атемақәаны иҟан Шьамтәыла ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа, аҩ-ҳәынҭқаррак аҩганктәи русеицура арӷәӷәара, иара убас Аԥсны 62-тә Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа алахәхара.
Олег Барцыц Алеқсандр Ефимов иҭабуп ҳәа еиҳәеит адкылара бзиа азы, уи Урыстәыла есымша Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа аус рыцура аганахьала Аԥсны адгылара анаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аиԥылара хыркәшо аминистр Олег Барцыц ацҳаражҳәаҩ Алеқсандр Ефимов ҳамҭас ииҭеит амҿы иалху, аԥснытәи анапҟазацәа иҟарҵаз аҳамҭа.