Ажәабжь ҿыцқәа
2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы имҩаԥысит атәыла ахада иалхрақәа. жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа иҟарҵаз ахәшьарала алхрақәа мҩаԥысит аиҿкаара ҳарак рыман, амилаҭтә закәанԥҵара инақәыршәаны, алхыҩцәа рзинқәа еилагарак рымамкәа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров 70 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
"Ҳара ҳзы акраҵанакуаны иҟоуп коронавирус аҿагыларазы, аламырҵәаразы ВОЗ ахаҭарнакцәа рабжьагажәақәа. Урҭ абжьгарақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны ауснагӡатәқәа мҩаԥаагалоит» ҳәа иҳәеит Даур Ақаҩба.
17 March 2020 601
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов.
Адунеи атәылақәа жәпак рыҟны акоронавирустә инфекциа (COVID-19) здырбало ауаа рхыԥхьаӡара еиҳа иахьышьҭыҵыз инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазныкгьы ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ари ачымазара ахьазгәаҭо атәылақәа рҭаара ԥыркырц.
Апарламент аҿаԥхьа есышықәсатәи анашьҭымҭа ҟаҵо Қырҭтәыла ахада лықәгылараан илҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала Қырҭтәыла «акрызҵазкуа аҭынчратә шьаҿақәа ҟанаҵоит» ҳәа. Иара убасгьы Саломе Зурабишвили илҳәеит «аоккупациа зызуу аҵакырадгьылқәа рганахь ала акрызҵазкуа ашьаҿақәа ҟаҳҵахьеит, аха еиҳа инарҭбаау аполитика амҩаԥгара ҳҽазыҟаҳҵароуп» ҳәа.
Хәажәкыра 5 рзы Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин имшира идиныҳәалеит.
Хәажәкыра 3 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрраҿы Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәа дырԥылеит.
Жәабран 26 рзы Стампыл ақалақь аҿы апартиа «Ватан» аофис аҟны имҩаԥысит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра ахаҭарнакцәеи Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа А. Логәуеи, Н. Смыри, В. Бебиеи апартиа «Ватан» ахантәаҩы Догу Перенчеки реиԥылара.