Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Урыстәылеи Никарагуеи реиҩызара Амш иазкыз адипломатиатә уснагӡатә далахәын.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит: Никарагуа АдәАР ахада– Денис Монкада; Никарагуа ахада иабжьгаҩ – Лауреано Ортега; Манагуа ақалақь ахада – Реина Руеда.
Иара убасгьы аныҳәатә уснагӡатә иалахәын Ареспублика Никарагуа аиҳабыра рхаҭарнакцәа, атәылаҿ аккредитациа змоу адипломатцәа.