Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Аԥсны АдәАР ахықәкытә ҿаҵала Москватәи Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҳәынҭқарратә институт (ауниверситет) еиндаҭларатә лыԥшаарала аҭаларазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рҟынтәи арзаҳалқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟарҵоит:
● абакалавриат апрограммақәа рыла (Аԥсны Аҳәынҭқарра абжьара-зеиԥшҵаратә школқәа роушьҭымҭацәа рзы);
● амагистратура апрограммақәа рыла;
● аспирантура апрограммақәа рыла.
Арзаҳалқәеи адокументқәеи рыдкылара: хәажәкырамза 23, 24, 25, 26, 27, 2026 ш., асааҭ 10.00 инаркны 15.00 рҟынӡа.
Абакалавриат апрограммақәа рыла аҵарахь адкыларазы арзаҳал иацуп:
1. Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы (азеиԥшуаажәларратәи аҳәаанырцәтәии);
2. Аԥсны абжьара-зеиԥшҵаратә школ 11-тәи акласс аҿы аҵара шырҵо азы аилыркаага;
3. I-тәи ашықәсбжазы 11-тәи акласс аҿы итәоу иҵаҩцәа реихьӡарақәа ртабель;
4. Афотосахьақәа: зформат 3х4 иҟоу 2 цырак;
5. Аформа 086/у ала амедицинатә еилыркаага;
6. Адыԥхьаӡаларатә гәраргага ма арратә ҳасаббаразы аршаҳаҭга (арԥарцәа рзы).
Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит Урыстәылатәи Афедерациа АдәАР МГИМО апрограммақәа рыла.
Амагистратуреи аспирантуреи рыпрограммақәа рыла аҵарахь адкыларазы арзаҳал иацуп:
1. Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы (азеиԥшуаажәларратәи аҳәаанырцәтәии);
2. Иреиҳау аҵаразы ишьақәыргылоу аҿырԥшы змоу адокументқәа (адипломи уи ацҵеи), мамзаргьы аушьҭымҭа аихшьаалатә зшьа-ԥышәаратә дырранҵа агәылҩаа;
3. Афотосахьақәа: зформат 3,5х4,5 иҟоу 2 цырак;
4. Арратә билеҭ / адыԥхьаӡаларатә гәраргага (аррамаҵура зуалу рзы);
5. Ахаҭаратә еихьӡарақәа шьақәзырӷәӷәо адокумент аоригинали ахҩылааи (иҟазар).
Амагистратуреи аспирантуреи ирҭало азин рымоуп адкыларазы арзаҳал алаҵара, иара убас иахәҭоу адокументқәа хаҭала ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ ала рынашьҭра yurotdelagu@mail.ru
Амагистратуреи аспирантуреи рахь адкыларазы арзаҳал абланк кьыԥхьтәуп, ихарҭәаатәуп, анапы аҵаҩтәуп, иарбоу аелектронтә ҭыӡҭыԥ ала инашьҭтәуп.
Аилкаарақәа роуразы адҵаалара ҟалоит абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақалақь, Ауниверситеттә мҩаду, аҩ.1, ААУ, акаб. № 5.