Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы игаз Аиааира 81-шықәса ахыҵра инамаданы иҟаиҵаз адныҳәалара.
Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит акрызҵазкуа арыцхә – 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны игаз Аиааира 81-шықәса ахыҵра.
Лаҵара 9 – ари аиааира згаз рабиԥара рхачҳареи зеиԥш ыҟам рфырхаҵареи ирсимволуп, иԥшьоу рыцхәуп. Анацизм еилаԥызыххааз асовет жәлар ԥсра зқәым рфырхаҵара агәымшәареи аԥсадгьыл хамеигӡарада абзиабареи ирҿырԥшыгоуп. Ҳара урҭ ҭабуп ҳәа раҳәо ҳхы лаҳарҟәуеит ахақәиҭреи аҭынчреи зыхьчаз, уаҩ иимбац аџьабааи аԥсыҭбарақәеи зцыз аиаира амш ааигәазтәуаз рҿаԥхьа.
Лаҵара 9 – миллионҩыла ауаа ирчаԥоз Аиааира ду ацәыӡқәа рхьааи алашареи анеилаҵәаз мшуп. Аибашьра хлымӡаах рыԥсҭазаарақәа ҿахнаҵәеит 26,6 миллионҩык асовет уааԥсыра. Аԥснынтәи афронт ахь ицеит 55,5 нызқьҩык, урҭ рахьынтә 17,5 нызқьҩык аҩныҟа изыхнымҳәит. 23-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан, Ахьӡ-аԥша Аорденқәа рых-ҩаӡарак ранашьахеит хҩык.
Рыцҳарас иҟалаз, ҳара иахьа шаҳаҭцәаны ҳаҟоуп, тәылақәак аҭоурыхтә ҵабырг аицакреи асовет жәлар рфырхаҵара аларҟәреи рзы иҟарҵо аҽазышәарақәа. Ҳара иаҳуалуп аҭоурыхтә ҵабырг ахьчара, афырхацәа ргәалашәара ахьчара, уи ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рымадара.
Аныҳәа шәадныҳәалаз! Аиааира Ду Амш шәадныҳәалаз!