Иахьа иазгәаҳҭоит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра!
Лаҵара 9 ҳара зегьы ҳзы иҷыдоу ныҳәоуп. Уи анацизм зыԥсадгьыл ацәызыхьчарц игылаз ажәлар рдоуҳатә мчреи ргәымшәареи ирҿырԥшыгоуп.Абри амш аҽны, ҳара, ҷыдала ҭабуп ҳәа раҳҳәоит аветеранцәа, атыл аусзуҩцәа, иашалаҵәҟьа Аиааира дуӡӡа амш ааигәазтәуаз зегьы. Ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аибашьра гәымбылџьбара зыԥсҭазаарақәа ахәнатәыз. Арҭ агәымшәара злаз ауаа, ҳара, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа, иаҳдырбеит апатриотизм иашаҵәҟьа закәу, ауаҩы иԥсадгьыл ахь хамеигӡара злам ибзиабара зеиԥшроу.
Ахааназ ҳгәалашәараҿы иаанхоит ҳгәакьацәеи ҳҭахцәеи рфырхаҵара. Ҳаԥсадгьыл Аԥсны афронт ахь идәықәнаҵеит 55,5 нызқьҩык аԥацәеи аԥҳацәеи. Урҭ рҟынтәи 17,5 нызқьҩык рыҩныҟақәа рахь, рҭаацәа рахь ихнымҳәӡеит. 23-ҩык Аԥсныуаа Асовет Еидгыла Афырхацәа ахьӡ ду иаԥсахеит, 3-ҩык Ахьӡ-Аԥша аорден ах-ҩаӡаракгьы ранашьан.
Аиааира амши ҳареи 80 шықәса ҳаиҟәырыҭхоит. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа, ҳара иаҳбоит тәылақәак аҭоурых ҿыц аиҭаҩра ишаҿу, Асовет жәлар рфырхаҵара рхадыршҭырц рыҽшазыршәо.Иахьа Аԥснынтәи хатәгәаԥхарауааеибашьцәа урыстәылатәи рҩызцәеи дареи рыжәҩахыр еибыҭаны еицеибашьуеит аҭынчреи аиашареи реиқәырхаразы иҷыдоу арратә операциаҟны. Убри аҟнытә даара акраҵанакуеит аҭоурыхтә гәалашәара анаӡаӡатәра, еиҵагыло абиԥарақәа рзеиқәырхара, рымадара.
Ишәыдныҳәалаз Аиааира Амш!