Мшаԥы 22 азы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Олег Барцыц аминистрра аколлектив дыдирдырит.
Бадра Гәынба Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив ҭабуп ҳәа реиҳәеит атәыла астратегиатә ҩыза хада – Урыстәылатәи Афедерациа амадареи Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟагьы жәларбжьаратәи азхаҵара ауси уахь иналаҵаны, иахьазы аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу аус хадақәа рынагӡара ирзырхоу акоординациатә усуразы.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Олег Барцыц иԥышәеи иҟазареи имаҵураҭыԥ ҿыц аҿы ахархәара шрыҭахо агәра шиго. Иара убасгьы Бадра Гәынба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡоз Сергеи Шамба.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иара иганахь ала иааирԥшыз агәрагаразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аринахысгьы атәыла иреиҳаӡоу аполитикатә напхгара иқәнаргыло адҵақәа хра рыманы рынагӡара шалдыршо азы агәрагара ааирԥшит.