Аилацәажәараан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци аминистрра аколлективи имҩаԥырго аусуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит рҿаԥхьа иқәгыло адҵақәа занааҭдырралеи, ҩаӡара ҳаракылеи, ҭакԥхықәралеи рызнеира.
Атәыла ахада адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿаԥхьа адәныҟаполитикатә еинырра ԥхьаҟатәи аҿиареи, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәареи, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа аус рыцура арҭбаареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа жәларбжьаратәи аренаҿы раларҵәареи рзы ауснагӡатәқәа азгәеиҭеит.