Аԥшьаша, хәажәкыра 10 азы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит анотақәа реимдара аҳасаб ала.
Аҩ-тәылак аиҩызареи аусеицуреи рзы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра аиқәыршәара иаҿуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецки Лугански ареспубликақәеи Урыстәыла Украина абџьархыхразы имҩаԥнаго аус иадгылоит.
Аԥсни Лугансктәи Жәлартә Республикеи рыҩжәларык рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәара иадгылоит, аҭынчреи азинеиҟарареи ирықәныҟәаны аизыҟазаашьақәа рыргылара ацхраара рҭахны, аҩҳәынҭқаррак рыжәларқәа зызҿлымҳау ахықәкқәа рзы аҭахрақәа ирықәныҟәаны, урҭ рхьыԥшымрақәеи, рсуверенитети, рҵакыратә акзаареи пату еицрықәҵаны, адунеи аҿы иазхаҵоу егьырҭ жәларбжьаратәи азин апринципқәеи аԥҟарақәеи, раԥхьаӡа иргыланы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәеи, ирықәныҟәаны.