Иахьа, нанҳәа 14 азы, 33 шықәса ҵит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку ацеремониа рхы аладырхәит.
1992 шықәса нанҳәа 14 азы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа чарҳәара уны Аԥсны иақәлеит. Иара убри аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба аԥсуа телехәаԥшрала ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсадгьыл ахьчаразы игыларц.
Аԥсны ампыҵахаларазы аплан, "Аҳәа" ҳәа акодтә хьӡы змаз, Қырҭтәыла ООН ианалала ашьҭахь ҩымчыбжь ааҵуаны анагӡара иалагеит.
413 мшы ицоз Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшахеит 1993 шықәса цәыббра 30 азы Аԥсны жәлар риааирала.
Нанҳәа 14 аҽны, Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы 1992-1993 ашықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟақәеи рнышәынҭрақәеи рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.
Аибашьраҟынтә изыхнымҳәыз Аԥсны аҵеицәа гәымшәақәеи хатәгәаԥхарала еибашьуази наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит.