Хәажәкыра 15 рзы 33 шықәса ҵит Аҟәа ақырҭуа мпыҵахаларатә ар рҟынтәи ахақәиҭтәразы Хәажәкыратәи ажәыларатә операциа иалагеижьҭеи.
Хәажәкырамза 15, 1993 шықәса рзы Аԥснытәи арбџьармчқәа Гәымсҭа аӡиас ирны, Аҟәа азааигәара астратегиатә ҵакы змаз аҳаракырақәа рнапаҿы иааргеит, аха хәажәкыра 17, 18 рзы иҟалаз ашьаарҵәыратә еибашьрақәа рышьҭахь Аԥснытәи архәҭақәа аханатәтәи апозициақәа рахь ихынҳәыр акәхеит.
Хәажәкыратәи ажәылара Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы реиҳа ишьаарҵәырахаз аамҭахеит. Ари аоперациаҿы ҳар ирцәыӡит 222-ҩык аибашьцәа, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Аибашьра амцашоура изалымҵыз наӡаӡа ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит!