Сергеи Шамба Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Аинфоцентр аҿы абрифинг мҩаԥигеит

Сергеи Шамба Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Аинфоцентр аҿы абрифинг мҩаԥигеит
3 September 2024 241

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба цәыббра 3 2024 шықәсазы Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Аинфоцентр аҿы абрифинг мҩаԥигеит ажурналистцәа рзы.

Абрифинг аҿы ахҳәаа аиҭеит асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз адокумент — Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи реилацәажәара Аԥкаанҵа ҳәа иазгәаҭоу.

Адокумент иашаҵәҟьома ҳәа ажурналистцәа рызҵаара Сергеи Шамба аҭак ҟаиҵеит: "Официалла ҳара акгьы ҳмоуцт. Официалла иаҳзаашьҭым адокумент ииашаҵәҟьоуп ҳәа иҳазшьом", ҳәа.

Убри аан иара иазгәеиҭеит атекст аҿы иарбоу азҵаарақәа изныкымкәа ишрылацәажәахьоу.

"Иаҳҳәап, ахыдҵақәа рынамыгӡара асанкциақәа рахь ишкылнаго атәы. Урҭ ирылагахьеит — цәыббра акы инаркны шәарақәак рганахьала аԥаразоужьра аанкылоуп. Арахь иаҵанакуеит арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Иубартә иҟоуп арҭ раԥхьатәи ашьаҿақәа шракәу. Уи адагьы, есышықәса проблемас иҳамоу алашара аиура акәзар, уи уажәшьҭарнахыс акоммерциатә хәыԥсала ахә ахшәаалатәхоит".

Адокумент апункт 3 далацәажәо иара иҳәеит Апарламент адепутатцәақәаки аоппозициа ахаҭарнакцәақәаки Урыстәыла атәылауаҩра ралхәыдатәра урыстәылатәи аган азин ҷыдоуп ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.

Сергеи Шамба иара убасгьы иазгәеиҭеит ауаажәларреи аоппозициатә мчрақәеи рхаҭарнакцәақәак атәылауаҩра ацәыӡра ргәы архыҭхыҭуеит аха асанкциатә зҵаарақәа гәцараркуам ҳәа.

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа акыр рҽеиҭаркит. Абри ауп ҳара ҳзызхәыцша. Иарбан ҭагылазаашьоу Аԥсны иҟало ҳаиҿагылара аанкыламхар? Сгәанала абри азҵаароуп ҳауаажәлар зызхәыцша».

Сергеи Шамба аиԥылара хыркәшо иҳәеит: «Аҵыхәтәантәи аамҭазы агәынамӡарақәа рацәоуп. Аизыҟазаашьақәа рҽырыԥсахит. Аԥхьанатә ишыҟаз иҟаӡам. Ибзиан исгәалашәоит, министрс саныҟаз, Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵоз аамҭаз урыстәылатәи ауаажәларра рыҩныҵҟа аҽакала ишыҟаз. Иахьа усҟани уажәи аиԥшымзаарақәа ыҟоуп. Ҳара ҳауп уахь икылызгаз. Шәааи аҭагылазаашьа аиҭакра ҳҽазаҳшәап» ҳәа иҳәеит иара.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: