Ԥхынҷкәын 11 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессорра-рҵаҩратә еилазаареи азанааҭ «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» астудентцәеи реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Олег Барцыци ААУ аректор Алеко Гәарамиеи реиԥылара.
Олег Барцыц Аҵараиурҭа анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрразы акадрқәа ахьеиҵарааӡо азы, инаҵшьны иазгәеиҭеит ААУ аус ацура аҵак ду шамоу.
Аиԥылараан ирылацәажәан Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ианрылгалак ашьҭахь аспециалистцәа ҿарацәа Аԥсныҟа рыхынҳәра апроблемақәагьы налаҵаны азҵаарақәа жәпакы. Иалацәажәан аспециалистцәа-арабистцәеи араб бызшәа аиҭагаҩцәеи разымхара. Ас еиԥш аспециалистцәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрразы даара ишаҭаху азгәаҭан.
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла аганқәа аинырра бзиа ԥхьаҟагьы ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.