Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликеи риашьаратә жәларқәа рыбжьара амилаҭтә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы рлагалазы Аԥсны АдәАр аусзуҩцәа Асҭамыр Асабуеи Саид Ҭарбеи Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика хатәгәаԥхарала аибашьцәа Реидгыла аҳаҭыртә шәҟәқәа рыҭоуп.
Аҳаҭыртә шәҟәқәа изаҭәашьоу ирыҭоуп Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика хатәгәаԥхарала аибашьцәа Реидгыла ахантәаҩы Сергеи Иахогоев инапала.