Лаҵара 29 рзы Сҭампыл имҩаԥысит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рыԥшааразы Акоординациатә механизм 16-тәи аилатәара, Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилакгьы алархәны.
Алахәылацәа хабарда ибжьаӡны иҟоу рыԥшааразы имҩаԥырго ауснагӡатәқәеи урҭ рхаҭарақәа рышьақәыргылара апроцесс иацу апроблемақәеи ирылацәажәеит.
Аилак аԥҵан 2010 шықәсазы. Акоординациатә механизм Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ахылаԥшрала имҩаԥнаго аусура жәларбжьаратәи агуманитартә зин анормақәа ирықәшәо иҟоуп.