Ԥхынгәы 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниеи Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани италиатәи авеб-телеканал Altrementi TV ишиашоу ицо аефир рхы аладырхәит. Апрограмма амҩаԥгаҩыс дықәгылеит аканал ашьаҭаркҩы, италиатәи ажурналист Артур Феррара.
Акраамҭатәи аиҿцәажәараан алахәылацәа алацәажәеит ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи амшхәаԥштәи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирызку азҵаарақәа жәпакы.
Кан Ҭаниа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азинтә статус, аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара аҭоурых, Аԥсны Аҳәынҭқарра астратегиатә дгылаҩык, ихадоу апартниорк аҳасабала Урыстәылатәи Афедерациеи иареи реизыҟазаашьақәа рыҿиара, иара убас актуалтә геополитикатә процессқәеи ахырхарҭарацәа жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылареи.
Вито Гриттани еиҭеиҳәеит шықәсырацәала Аԥсни иареи реинырра, имҩаԥиго адипломатиатә усура ртәы, иҳәеит Аԥсны аус ацуразы ихатә ԥышәа, иазгәеиҭеит Аԥсни Италиеи рыбжьара агуманитартәи ауаажәларратәи еимадарақәа рырӷәӷәара аҵакы шамоу.
Аефир амҩаԥгараан иара убасгьы ирыхәаԥшын ҳазҭоу ашықәс, мшаԥымзазы Вито Гриттани зхадас далхыз аполитикатәи аелекторалтәи експертцәа Жәларбжьаратәи рассоциациа аусура азҵаарақәа, алхрақәеи ареферендумқәеи рхылаԥшра аусхк аҟны жәларбжьаратәи аусеицура аԥеиԥшқәа, иара убас Ассоциациа ахаҭарнакцәа аелекторалтә процессқәа рхылаԥшразы жәларбжьаратәи амиссиақәа рылахәхараҿ ирымоу аԥышәа.
Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан жәларбжьаратәи аексперттә диалог арҭбаара, ҳаамҭазт́әи адунеитә архитектура аҽеиҭакраҿы БРИКС иааннакыло аҭыԥ, жәларбжьаратәи аусеицура аҿиараҿы ауаажәларратә дипломатиа аҵакы аизҳара.
Апрограмма алахәылацәа инаҵшьны иазгәарҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иадҳәалоу азҵаарақәа жәларбжьаратәи аинформациатә плошьадкақәа рҿы иаартны, обиективла рылацәажәара аҵак ду шамоу, иагьазгәарҭеит асеиԥш иҟоу аиҿцәажәарақәа Аахыҵ Кавказ имҩаԥысуа апроцессқәа еиӷьны реилкаареи еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа рыбжьара аконструктивтә диалог аҿиареи ишрыцхраауа.
Аефир инагӡаны анҵамҭа ҟалоит аофициалтә YouTube-канал Altrementi TV аҿы.